Шьамтәыла урыстәылатәи аҳаирплан каҳаит

Аҳаиртә баӷәаза Хмеимим аҟынтәи ианыҵыԥраауаз, лаҵара 3, ашьыжь урыстәылатәи аҳаирплан каҳаит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 3 — Sputnik. Аҳаиртә баӷәаза Хмеимим аҟынтәи ианыҵыԥраауаз, лаҵара 3, ашьыжь урыстәылатәи аҳаирплан Су-30СМ каҳаит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Атәылахьчара аминистрра адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

"Аԥрыҩцәа аҩыџьагьы ҭахеит, аҳаирплан аҭышәныртәалараз ирылшо зегь шыҟарҵозгьы", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Авариа ҟалеит ашьыжь асааҭ 9:45 мск рзы Адгьылбжьаратә мшын акваториаҿ, аҳаиртә баӷәаза Хмеимим аҟынтәи ианыҵыԥраауаз.