Аметеорологиатә ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны Индиа аԥсыҭбарақәа ҟалеит

Аметеорологиатә ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны Индиа аԥсыҭбарақәа ҟалеит. Иҭахеит 127-ҩык ауааԥсыра, аахақәа роуит шәҩыла.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 4— Sputnik. Аметеорологиатә ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны Индиа аԥсыҭбарақәа ҟалеит. Иҭахеит 127-ҩык ауааԥсыра, аахақәа роуит шәҩыла ақәаршыҩқәеи аԥслымӡтә ԥшатлакәқәеи ирыхҟьаны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ Times of India адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Аиҳараҩык ҭахеит аштат Уттар-Прадеш аҟны – 73-ҩык. Аштат Агра аҿы иҭахеит 46-ҩык ауааԥсыра.

Раджастан –39-ҩык, Телинган – 4-ҩык, Уттаракханд–3-ҩык, аштатқәа Джаркхандеи Пенджаби – ҩыџьа-ҩыџьа.

Асиноптикцәа ргәаанагарала атәыла абри ахәҭаҿы еиҭахгьы ақәаршыҩқәа ҟалараны иҟоуп. Иҟалоит иҭахази ааха заузи рхыԥхьаӡара иацлар.