"Европа аҳәынҭқаррақәа рҿы имҩаԥырго апропаганда аус амуазҭгьы аҭҵаарақәа рҟны Путин изы ахыԥхьаӡара иаҳагьы еиҳахар ауан. Аха уигьы уархәыцуеит. Иаагоу астатистикаҟны асҟаҩык ирацәаҩны избан Путин амчра змоу ҳәа адунеи аҿы дзалырхуа. Уи иунарбоит аҳәынҭқаррақәа рҟны имҩаԥырго Урыстәыла иаҿагылоу аидеологиатә политика Путин ихьӡ шзаланамырҟәыз. Иахьа Путин имҩаԥиго аполитикала иубоит, ииашацәҟьаны амч змоу, еиуеиԥшым азҵаракәа зыӡбо иакәны дшыҟоу адунеи аҿы. Урыстәыла иахьа иаҿагылоу атәылақәа шырацәоугьы, Путин ихаҭара, имчра азгәарымҭар алшом", — лҳәеит Мрамза Џьыкырԥҳа.
Иахьатәи аамҭазы адунеи аҿы зегь раасҭа амчра змоу аԥыза дарбан ҳәа азҵаара анрырҭа, 38 процент аиталианцәа, 34 процент афранцызцәеи анемеццәеи Владимир Путин ихьӡ рҳәеит. Аинформациатә агентреи арадиои Sputnik азы аҭҵаарақәа мҩаԥнагеит афранцыз еилахәра Ifop апроект Sputnik. Агәаанагарақәа аҳәаа иҭагӡаны.