Пашиниан икандидатура еиҭақәыргылоуп

Ермантәылатәи Апарламент лаҵара 8 рзы далырхраны иҟоуп атәыла Аԥыза-министр ҿыц.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 8 — Sputnik. Ермантәылатәи Апарламент лаҵара 8 рзы далырхраны иҟоуп атәыла Аԥыза-министр ҿыц. Афракциа "Елк" ("Исход") алахәыла Лена Назариан лажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, РИА Новости иаанацҳауеит аоппозициа раԥхьагыла Никол Пашиниан икандидатура шеиҭақәыргылахо.

"Елк" адагьы Пашиниан икандидатура адгылара арҭоит аполитикатә партиақәа ҩба — "Блок Царукяна"; "Дашнакцутюн". Апарламент аҿы арҭ ах-партиак 47 депутаттә мандат рымоуп. Аминистрцәа реилазаара анапхгаразы иахәҭаны иҟоуп 53 бжьы.

Адепутатцәа иахьагьы Аԥыза-министр дырзалымхыр, дара рхаҭақәа ԥхьатәара ицароуп.

Аԥхьатәи абжьыҭираан Пашиниан изы рыбжьы рҭиит 45-ҩык адепутатцәа.