МАГАТЕ: Иран ахылаԥшра ӷәӷәа амоуп

Трамп изныкымкәа Иран ахара адиҵахьан аидертә режим еиланагоит ҳәа, уи аҭакс МАГАТЕ иазгәанаҭоит Иран ахылаԥшра ӷәӷәа аманы иҟоуп, еилагаракгьы азыҟаҵом ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 10 — Sputnik. Атомтә енергиазы Жәларбжьаратәи амаҵзура (МАГАТЕ) аҳәамҭа ҟанаҵеит Тегеран ахыдҵақәа зегьы ирықәныҟәоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Израиль Шьамтәыла иҟоу ирантәи арратә обиектқәа ирыжәлеит

МАГАТЕ адиректор хада Иукиа Амано иазгәеиҭеит амаҵзура Иран аиадертә бџьар аус адулара аганахь ала ахыдҵақәа ишрықәныҟәо ахылаԥшра шанаҭо азы.

Амано инаҵшьны иҳәеит Иран адунеи аҿы егьырҭ атәылақәа зегьы раасҭагьы ахылаԥшра шаҭо.

Иран, Урыстәыла ЕАШ, Британиа, Китаи, Франциа, Германиа 2015 шықәса рзы рнапы аҵарҩит ирантәи аиадертә проблема аҭышәныртәаларазы адокумент.

Уи адокумент аусура Иран иақәнахуан уаанӡа иара аганахь ала иалагалаз афинанстәии аекономикатәии санкциақәа.

Лаҵара 8 рзы ЕАШ апрезидент Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит Иран ауран аус шаднаулои аиадертә бџьар аԥҵаразы аусурақәа шымҩаԥнагои ртәы, иагьазгәеиҭеит Америка аиқәышаҳаҭра ишалҵуа.