Урыстәылатәи аруаа Мрагыларатәи Гута ауааԥсыра афатә-ажәтә рызнаргеит

2011 шықәса рзы Мрагыларатәи Гута аоппозициаа рнапахьы инаргеит. Шьамтәыла аиҳабыратә архәҭақәа ари араион арыцқьара нап адыркит 2018 шықәса жәабранмзазы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 10 — Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Шьамтәылатәи Мрагыларатәи Гута ауааԥсыра гуманитартә цхыраарак аҳасаб ала афатә-ажәтә рызнаргеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Израиль Шьамтәыла иҟоу ирантәи арратә обиектқәа ирыжәлеит

500 рҟынӡа зыда ԥсыхәа ыҟам афатә-ажәтә реизгақәа аҭыԥантәи ауааԥсыра ирзеихшан. Агуманитартә акциа еиҿыркааит Шьамтәыла игыло урыстәылатәи аруаа.

Агәыԥ аиҳабы Сергеи Бикушев иажәақәа рыла ари акциа раԥхьатәиуп, арахьынтәи атеррористцәа ықәырцеижьҭеи.

Бикушев иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу акциақәа аиланхарҭақәа зегьы рҿы ишазыԥхьагәаҭо рымҩаԥгара.

2011 шықәса рзы Мрагыларатәи Гута аоппозициа иааныркылеит. 2016 шықәса рзы рнапахьы иааргеит атеррористтә еиҿкаарақәа "Джебхат ан-Нусреи"* "Джейш аль-Ислами", "Ахрар аш-Шами"*, "Фейлак ар-Рахмани", "Фаджр аль-Умми"*.

Шьамтәыла аиҳабыратә архәҭақәа ари араион арыцқьара нап адыркит 2018 шықәса жәабранмзазы.