Индонезиатәи атеракт аан иҭахеит жәҩык

Идырым џьоукы атеррористтә акт мҩаԥыргеит Сурабае ауахәамақәа хԥа рҟны аамҭак ала, лаҵара 13 асааҭ 05:15 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 14 — Sputnik. Идырым џьоукы атеррористтә акт мҩаԥыргеит адгьылбжьаха Мрагыларатәи Иава ақалақь Сурабае ауахәамақәа хԥа рҟны аамҭак ала, лаҵара 13 асааҭ 05:15 рзы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

 Абри аан иҭахеит жәҩык, аахақәа роуит 40-ҩык.

 Аԥжәарақәа аҭыԥ рыман акатоликатә Ацқьа Мариа луахәама ааигәареи, апротестанттә уахәама Джалан Дипонегоро (Jalan Diponegoro) аҿи, Арджуно (Arjunо) амҩаҿ игыло аҽа уахәамак аҿи.

 Атеррористцәа анцәа имҵаныҳәара инеиз ауаа ирылан рыҽрылаӡҩаны. Анцәа имҵаныҳәара шаанҵәаз еиԥш абомбақәа рмеханизмқәа аус ддыруит.

 Аҭыԥ ахь инеит аусҭҵааразы аполициа.