Паркер Урыстәыла амчрақәа Жәларбжьаратәи азин еиларгоит ҳәа азгәеиҭеит

Лаҵара 4 рзы, европатәи иколлегацәа рҿаԥхьа Берлин ақалақь аҟны иқәгылараан Ендриу Паркер Урыстәыла амчрақәа жәларбжьаратәи азин еиларгоит ҳәа азгәеиҭеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 15— Spiutnik. Британиа Ду аконтрразведка амаҵзура анапхгаҩы Ендриу Паркер Берлин иқәгылараан Урыстәыла агәҽанҵара аиҭеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости. Абри атәы аҩуеит иара убасгьы Bloomberg.

Сергеи Скрипаль игәабзиара аҭагылазаашьа еиӷьуп

Аҭыжьымҭа адыррақәа рыла Паркер иажәахә аҟны ГРУ уаанӡатәи аусзуҩ Сергеи Скрипаль ахәшә иҭара азыԥхьагәаҭаны имҩаԥган ҳәа ҳәоуп. Иҟазҵазгьы Кремль акәны иԥхьаӡоит. Абри аҩыза аус Урыстәыла еиҳагьы адунеитә уаажәларра ирылнакуеит ҳәа азиԥхьаӡоит иара.

Ендриу Паркер Урыстәыла амчрақәа Жәларбжьаратәи азин еиларгоит ҳәа азиԥхьаӡоит.

Хәажәкыра 4 рзы Солсбери, Британиатәи амаҵзура ҷыдақәа аус рыцызуаз, уаанӡа ГРУ аус зуаз Сергеи Скрипали иԥҳаи ахәшә рырҭеит.

Абри аан ахархәара аман Урыстәыла иҭыжьу амаҭәашьар А234 "Новичок" ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Британаитәи амаҵзура ҷыда.

Урыстәыла акәзар абри мап ацәнакит.