Апалестинеццәеи израильтәи аруааи реиҿагылара иахҟьаны ауааԥсыра ҭахеит

Апалестинеццәеи израильтәи аруааи реиҿагылара иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара 59-ҩык инаӡахьеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 16— Sputnik. Апалестинеццәеи израильтәи аруааи реиҿагылара иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара 59-ҩык инаӡахьеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости автономиа агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Аамзы зхыҵуаз палестинатәи аӡӷаб хәыҷы Леила Анвар Гандур дҭахеит газ асектор мрагыларатәи аган аҿы", — ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.

Аиҿагыларақәа рхы цәырыргеит  америкатәи Ацҳаражәҳәарҭа Тель-Авивнтәи  Иерусалимҟа ианиарга ашьҭахь.

Палестинаа рықәгылара израильтәи архәҭақәа аҿагылара арҭеит. Атәыла аԥыза-министр Биниамин Нетанииаху уи хыхьчароуп ҳәа азиҳәеит.