АҞӘА, лаҵара 16— Sputnik. Ҟрымтәи ацҳа автомабилтә хәҭала аныҟәара хацдыркит Ҟрыми Ҟәыбани рықалақьқәа 20 рҟынтәи ауааԥсыра ҳәа аанацҳауеит апортал "Крымский мост". Автомашьынақәа ирышьҭагыланы имҩасуеит амотоциклистцәа.
"Ҳара ацҳа аартра акраамҭа ҳазыԥшын. Уи ныҳәак иаҳзаҩызоуп. Шьыжьнаҵы ҭаацәала ҳҽеибаркны амҩа ҳақәлеит. Ҳмашьынақәа ашарикқәеи абираҟқәеи рыла иҳарԥшӡеит", — ҳәа еиҭалҳәоит Кьерч инхо Марина Власова.
Уи илыциҳәоит Темриук инхо Евгени Овчинников.
"20 минуҭ рыҩныҵҟала Ҟрым инхо ҳауацәа рҟынӡа ҳнеиит. Уажәшьҭа саҳәшьа лахь есыҽны сцаларгьы ҟалоит. Уаанӡа амҩа 3-4 сааҭ ҳақәхон. Мызла ҳаибабомызт", — лҳәоит Тамантәи Ирина Крапивина.
Ацҳаҟны арццакыра 90 км. еиҳамзароуп. Амҩатә ԥҟаррақәа рхылаԥшразы иқәыргылоуп автоматтә комплексқәа 10.