Удмуртиатәи аиланхарҭаҿы аџьаԥҳаны ԥжәоит

Аиланхарҭа Пугачево ахь инашьҭуп амцарцәаратә машьынақәа, аҳаирплан- амфибиа Бе-200, авертолет Ми-8.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 17 – Sputnik. Удмуртиатәи аиланхарҭаҳабла аҟынтәи ҩ-нызқьҩык рҟынӡа ауаа ықәгоуп. Ара игылаз арратә арсенал аҟны аџьаԥҳаны аԥжәара ҟалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
 Уаанӡатәи адыррақәа рыла аԥжәара ҟалеит арсенал ааигәа-сигәа аҳаскьын амцакра иахҟьаны.

 Афедералтә автомҩа М-7 "Волга" аҟны Пурга инаркны Ижевск аҟынӡа амашьынақәа рныҟәара аанкылоуп.

 Асеиԥш ахҭыс иара абри аҭыԥ аҿы иҟалахьан быжьшықәса раԥхьагьы.

 Усҟан, амцарцәараан аррамаҵзурауаҩ дҭахеит, шәҩык рҟынӡа амедицинатә цхыраара рыҭан.