Апроект "Кортеж" аусура арҭбаауеит

Апроект "Кортеж" иазыԥхьагәанаҭоит иаку амодультә шьаҭа змоу автомашьынақәа рҭыжьра.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 18— Sputnik. Урыстәыла Ахада Владимир Путин аҳәынҭқарратә корпорациа "Ростех" ахада Сергеи Чемезов даниԥылоз идигалеит апроект "Кортеж" иаҵанакуа аджипқәеи седанқәеи массала рҭыжьра иалагарц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Путин иазгәеиҭеит "Кортеж" ацәаҳәаҿы ишьахәхеит автобус маҷқәагьы ҳәа. Урҭ ахархәара роур алшоит ахәыҷырацәа змоу аҭаацәа.

Аҳәынҭқарратә корпорациа "Ростех" ахада Сергеи Чемезов еиҭеиҳәеит апроект "Кортеж" ишаҵанакуа алимузинқәа, седанқәа, минивенқәа реиԥш амотоцикылқәагьы. Иара иажәақәа рыла дара рҭыжьра макьана иаламгацт, аха аҳәаанырцәтәи амодельқәа иреицәамкәа иҟалоит ҳәа.

Апроект "Кортеж" иазыԥхьагәанаҭоит иаку амодультә шьаҭа змоу автомашьынақәа рҭыжьра аҳәынҭқарра анапхгара актәи ахаҿқәа рзы.

Макьаназы асеиԥш иҟоу автомашьына ихы иаирхәоит атәыла Ахада имацара. Маҷ-маҷ иара ахархәарахь ирыҭахоит ачынуаа.

Уи адагьы ҽааны арҭ автомашьынақәа аҭирахь иқәдыргылоит.

Урҭ рыхәԥса 6-7 миллион артәоит.