Ирани Америкеи реилаӡара ҿыц аԥҟарақәа ирылацәажәеит

Иран апрезидент Хасан Роухани уи аҭакс иҳәеит Америка адунеи атәылақәа зегьы рыхьӡала ацәажәара азин амам ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 22— Sputnik. Америка аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Маик Помпео еиқәиԥхьаӡеит аиадертә программа аганахь ала Ирани Амеркеи аилаӡара рыбжьаҵара алзыршоны иибо ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Associated Press ишаҳәо ала, иара иажәақәа инарықәыршәаны Тегеран Иементәи ахусситцәеи, Ливантәи ашииттә ҵысра "Хезболлеи" рыцхыраара мап ацәнакыроуп, уи адагьы Шьамтәылантәи арратә мчрақәа алганы Израиль ақәмақарра иаҟәыҵроуп.

ЕАШ Астанатәи аиҿцәажәарақәа ирылахәымхар алшоит

Иара убасгьы иҳәеит Иран ишахәҭоу "ЕАШ атәылауаа рхы рақәиҭтәра".

Уи адагьы Вашингтон ақәгәыӷуеит атәылаҿ иҟоу аиадертә обиектқәа рахь анеира алыршахап ҳәа.

Помпео еиқәиԥхьаӡеит 12 пункт.

Иран арҭ адҵақәа нанамыгӡакәа иаанхар, ЕАШ афинанстә қәыӷәӷәара иацнаҵоит.

Уи адагьы иара иазиԥхьаӡоит Иран арратә мчрала аанкылара ҟалоит ҳәа.

Иран апрезидент Хасан Роухани уи аҭакс иҳәеит Америка адунеи атәылақәа зегьы рыхьӡала ацәажәара азин амам ҳәа.