Олег Мамиев наӡаӡа абзиараз ҳәа иарҳәеит

Олег Мамиев, "Мамаи" ҳәа хьыӡшьараны измаз Донецктәи Жәлар рреспубликаҿы дҭахеит лаҵара 18 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 22 – Sputnik. Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев далахәын Владикавказ, лаҵара 21 рзы имҩаԥысыз Олег Мамиев аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара ацеремониа. Абри атәы аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит.

Донецктәи жәлар рреспубликаҿы дҭахеит абатальон "Пятнашка" акомандир Олег Мамиев ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Донецктәи жәлар рреспубликаҿы дҭахеит "Пятнашка" акомандир Олег Мамиев

Олег Мамиев "Мамай" ҳәа хьыӡшьараны измаз, ианашьоуп Донецктәи жәлар республика иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа. Мамиев дышҭахаз азы адырра ҟарҵеит аиҿкаара "Союз добровольцев Донбасса" асоциалтә ҳа "ВКонтакте" адаҟьақәа рҿы.

"Олег Мамиев фырхаҵак иҳасаб ала дҭахеит" ҳәа аҳәоит анҵамҭаҿы.

Олег Мамиев Донбассҟа Уаԥстәылантәи днеиит Киев аҳәынҭқарратә мчра анеиҭарк ашьҭахь. Деибашьуан, еиуеиԥшым аоперациақәа дрылахәын.

Донбасс иҭахахьеит еицырдыруаа командирцәа: Арсен Павлов (Моторола), Михаил Толстых (Гиви), Александр Беднов (Бэтмен), Алексеи Мозговои, Евгени Ишьченко (Малыш), Павел Дремов (Батиа).

2014 шықәса мшаԥымзазы украинатәи амчрақәа арратә операциа амҩаԥгара хацдыркит Лугансктәи жәлар рреспубликеи Донецктәи жәлар рреспубликеи рҿы. Абри аамҭала уа иҭахахьеит 10 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра.