Ҟрым ацҳаҟны иҟалеит раԥхьатәи амҩатә машәыр

Керчтәи аӡыбжьаха иху Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацәи еимаздо ацҳа аусура иалагеит лаҵара 16 рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 1 — Sputnik. Ацҳаҟны иҟалеит раԥхьатәи амҩатә машәыр ҳәа аанацҳауеит ФКУ Упрдор "Тамань" апресс-маҵзура. Амашәыр иахҟьаны ԥсыҭбара ҟамлеит ҳәа адырра ҟанаҵоит РИА Новости.

Ахҭыс аҭыԥ аман атрасса А-290 142-тәи акилометр аҿы. Амашьыналаси апассаџьыртә автобуси ааихеит.

Адырраҭараҿ иазгәаҭан ацҳаҿ амҩатә машәыр амзызқәа ишреиуоу аццакреи иахьахәҭам аангылареи.