Ҟрымтәи ацҳа аихамҩатә хәҭазы аусурақәа иаарласны ихыркәшахоит

Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацәи еимаздо, ааигәа аусура иалагаз ацҳа Урыстәыла зегь раасҭа иауу цҳауп. 19 километра иҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 4 — Sputnik. Уажәы аргылаҩцәа Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацәи еимаздо ацҳа аихамҩатә хәҭа ахыркәшараз аусурақәа ирҿуп. Абир атәы аанацҳауеит РИА Новости аинфоцентр "Крымский мост" адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵан.

Путин Ҟрымтәи ацҳа аартра ихы алаирхәит

Иааидкыланы ацҳа иаҵагылоуп 6694 баҟә-шьаҟа.

Аихамҩатә цҳа аҵагылақәа еиҳа еиҳауп автомабилтә цҳа аҵагылақәа раасҭа.

Ҟрымтәи ацҳа автомабилтә хәҭала аныҟәара хацдыркит Ҟрыми Ҟәыбани рықалақьқәа 20 рҟынтәи ауааԥсыра. Ацҳаҟны арццакыра 90 км. еиҳамзароуп. Амҩатә ԥҟаррақәа рхылаԥшразы иқәыргылоуп автоматтә комплексқәа 10.

Ацҳа аихамҩатә хәҭа аусура хацнаркраны иҟоуп 2019 шықәса рзы.