Арадио

Қәираиа: исылшо ахәыҷала аԥсабара сацхрааларц сҭахуп

Аԥсабарахьчаҩ, ацхырааҩ Ерсҭоу Қәираиа аеколог имш азы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит ааигәа аӡиа Амҭҟьал аҿы аволонтиорцәа имҩаԥыргаз акциа аӡбахә.
Sputnik
"Хра злоу ахҭысқәа": Қәираиа Амҭҟьал арыцқьара иазкны

"Агәам рацәа кажьын, уи ауаҩы инапала инагаз ҟьамсарын. Аихаҷа-маҷа инаркны, аԥаҭлыка аԥҽыхақәа рҟынӡа, уа иҟамыз арбан?! Уи даара угәы унархьыртә иҟан. Аӡиа аҟнытә еизаҳгаз агәам амашьына ду ала илбаагҳгеит. Абри нахыс уахь инеиуа ауаа рышьҭахь агәам-сам аанрыжьып ҳәа сгәы иаанагом"́, — азгәеиҭеит Қәираиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.