Арадио

Надараиа: иааиуа ашықәс азы Гал араионаҿ иҭахаз рбаҟа аргылара азгәаҭоуп

Гал араионаҿ Аԥсны Аиааира амш ныҳәа 25 шықәса ахыҵреи Ахьыԥшымреи амш 10 шықәса ахыҵреи шазгәаҭахо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭаиҳәеит араион ахада Ҭемыр Надараиа.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Надараиа Гал араионаҿ имҩаԥгахо аныҳәатә усхкқәа ирызкны

"Аԥсны Аиааира амш ныҳәа 25 шықәса ахыҵреи Ахьыԥшымреи амш 10 шықәса ахыҵреи аныҳәамшқәа реиҿкааразы иаԥҵоуп акомиссиа, аусмҩаԥгатәқәа ҳрылагоит цәыбррамза акы инаркны. Ҳгәы иалоуп араионаҿ иҭахаз аибашьцәа рыхьӡала абаҟа ахьҳамам, аха уи апроект шьақәыргылоуп, амонументалтә комиссиа ирыдыркылар, иааиуа ашықәс азы Гал араионаҿ уи абаҟа ргылахоит", — ҳәа азгәеиҭеит Надараиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.