Арадио

Жьиԥҳа: аҭаацәа рҿы аиҳабыи аиҵбыи реизыҟазаашьа сыхнахит

Ажурналист Саида Жьиԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит Ҭырқәтәыла лыҟазаара аамҭа иалагӡаны иҟалҵаз алкаақәа ртәы.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": ажурналист Саида Жьиԥҳа Ҭырқәтәыла лыҟазаара иазкны

"Ҭырқәтәыла хаҳәк шьҭыухыр — ма  Жьибак, ма Аҩӡбак "дхәыҵыҵуеит" ҳәа илафны ирҳәалоит. Абарҭ аҩ-жәлак зегь реиҳа ирацәоу ҳәа иԥхьӡоуп. Са сахьыҟаз ақыҭа, Қаиалар,  Хәаԥ ҳәа иашьҭоуп. Уа инхо аԥсуаа рхыԥхьаӡара зықьҩык рҟынӡа инаӡоит. Ақыҭа ҳаналала нахыс иџьасшьеит, ашҭақәа ҭбааӡа, иԥшӡаӡа, шәаԥыџьыԥла ибеианы, убла хыркуеит. Аԥсны ҳқыҭақәа даара иреиԥшуп", — ҳәа азгәалҭеит Жьиԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.