Арадио

Аҩӡба "Аԥсны иамам азин Қырҭтәыла алҵра" ҳәа аконституциа адкылара иазкны

Ҩынҩажәа шықәса раԥхьа ҳтәылаҿы имҩаԥысуаз аибарххарақәа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны ахҳәаа риҭеит аҭоурыхҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба.
Sputnik

"Аԥсуа жәлари аԥсуа ҳәынҭқарреи ринтерес иақәымшәоз аконституциа рыдыркылеит, ҳара иаҳмазҵааит, ҳара иаҳҭахымыз атәы зҳәоз азакәан акәын уи. Усҟан аполитикеи азини еиҿагылеит. Иарбан ҳәынҭқарразалакгьы иамоуп ахатәы зин, алахььынҵа аӡбаразы. Убраҟа ианызар акәын — Аԥсны иамоуп азин Қырҭәтәыла алҵра ҳәа. Убра имҩаԥысуаз ахҭысқәа амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара зегьы XX-тәи ашәышықәсқәа рзы ицоз ирыхәҭәакуп ҳәа сахәаԥшуеит.  Уаныхәыҷу уеиҳа зымчу аанда уалаимышшо, ҳара еснагь убри аҩыза алахьынҵа ҳаман, аанда ҳалаимыршшартә еиԥш ҳақәԥара иахәҭакуп усҟантәи ахҭыс", —  ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.