"Урҭ ашықәсқәа рзы ицәырҵыз азҵаарақәа, апроблемақәа рхыԥхьаӡарақәа даара ирацәан, урҭ ирызкны аилацәажәарақәа шықәсык инацны имҩаԥысуан Қарҭи, Москвеи, Аԥсныи аиҳабыра рыбжьара. Аԥсуаа еикәҳаршәаз ашәҟәаҟны иарбан Аԥсны Қырҭтәыла иалганы Асоветтә Еидгылахь ииагазарц, Аԥсныи Қырҭтәылеи џьарак реизыҟазаара алшом ҳәа азгәаҭаны. Аҵыхәтәыны ари азҵаарала Аԥсын имҩаԥысуаз аилацәажәарақәа рҿы дақәгылеит академик Кудриавцев, иара иазгәеиҭеит Аԥсны Қырҭтәыла иалҵны Урыстәыла алалара азин шьаҭа иҟам ҳәа. Уи иқәгылара ашьҭахь, зегьы ишраҳауаз, Кудриавцев "аԥсуаа ииашоуп, иҟоуп азин, аха Асовет ҳәынҭқарра азыхиаӡам ари азҵаара аӡбара" иҳәеит. Усҟан ҳашәҟәы зыхьчоз зегьы ҳзы иажақәа аиааирак иаҳзаҩызын", — ҳәа аҭоурыхтә хҭыс игәалаиршәеит Дамениа.