Владимир Путин ишьҭрақәлаҩ изы азҵаара аҭак ҟаиҵеит

Урыстәыла Ахада Владимир Путин дазыԥшуп еиҵагылап ҳәа атәылазы аҭакԥхықәра зхахьы изгаша абиԥара.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 8 — Sputnik. Ашьҭрақәлаҩ Урыстәыла ажәлар далырхыр ауп, ус аӡәы дузалкаауам иҳәеит Урыстәыла Ахада ҳәа аанацҳауеит РИА Новости. Азҵаара иалацәажәан есышықәсатәи ишиашоу ицо аефир аҿы.

Владимир Путин иазгәеиҭеит ари азҵаара еснагь игәы иҵхо зҵаараны ишыҟо.

"Ҳәарада сара ари азҵаара сазхәыцуеит. Исҭахуп еиҵагыларц анапхгара зылшо, аҭакԥхықәра зхы иадызҵо, атәыла бзиа избо ауаа" ҳәа азгәеиҭеит Путин.