Урыстәыла белоруссиатәи анаплакқәа хԥа рыԥкырақәа рыхнахит

Россельхознадзор рашәара 6 рзы иԥнакит беларуссиантәи ахшаалыҵ Урыстәыла алагалара.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 11 — Sputnik. Россельхознадзор ахаҭарнакцәеи Белоруссиа Ақыҭанхамҩатә аалыҵ ахылаԥшра адепартамент ахаҭарнакцәеи еиқәышаҳаҭхеит ахшаалыҵ аазрыхуа беларуссиатәи анаплакқәа хԥа аԥкырақәа рхыхзарц рашәара 11 инаркны. Абри атәы аанацҳауеит RT.

Урыстәыла Беларуссиатәи ахш аалыҵ ԥнакуеит

Аԥкырақәа рхырхуеит анаплакқәа: ЗҲӘА "Барановичский молочный комбинат", ИАЕ "Ляховичский молокозавод", Волковысское ИАЕ "БЕЛЛАКТ".

Россельхознадзор рашәара 6 рзы иԥнакит беларуссиантәи ахшаалыҵ Урыстәыла алагалара.

Москвеи Мински рыбжьара ахшаалыҵ аганахь ала акрааҵуеит аимак ыҟоижьҭеи. Уи здырҳәало ахшаалыҵ иахәҭоу ахаҭабзиара амам ҳәоуп.

Мшаԥымзазы Белоруссиа ахада Александр Лукашенко абизнесуаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит егьырҭ аџьармыкьақәа рахь амҩақәа рыԥшаарц.