Флорида инхо ауаҩԥсы ԥшьҩык ахәыҷқәа шасыс иааникылеит

Флорида инхо ауаҩԥсы ԥшьҩык ахәыҷқәа шасыс иахьааникылаз аҭыԥ ахь инеиит аполициа агәыԥ ҷыда. Дара рҽазыршәеит ацәгьауҩы иҿцәажәара.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 12 — Sputnik. Америкатәи аштат Флорида инхо ауаҩԥсы аполициааи иареи реиҿахысра ашьҭахь шасыс ԥшьҩык ахәыҷқәа ааникылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, агазеҭ Orlando Sentinel адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы. Ари ҟалеит ашәахьа, рашәара 11 рзы.

Ақалақь аполициа ахада Орландо Џьон Маина аҳәамҭа ҟаиҵеит, аполициа аусзуҩцәа ақалақь аҩнқәа руак ахь аҭел иасны инарыԥхьеит, аҩны ауадақәа руак аҿы аӷьал-пал ыҟоуп ҳәа. Иахьнеиз аԥшәма ахысра далагеит, аполициауаҩы дихәит.

Аиҿахысра ашьҭахь аҩны иҽыҩнакны ԥшьҩык ахәыҷқәа аанкыланы дтәеит.

Иахьа ашьыжь ахәыҷқәа рыԥшьҩык ԥсны ирбеит. Ацәгьауаҩы дыԥшаам.