Арадио

Маланиаԥҳа: џьоукы ируз ацәгьарала ҳхы ӡырҳгар алшоит

Афирма "Аԥсуа-тур" аиҳабы Елизавета Маланиаԥҳа Sputnik аефир аҟны иазгәалҭеит Аԥсны зыԥсшьара зхызгар зҭахыз, иржьаз атуристцәа хәыда-ԥсада иахьрыдыркыло, ҳҭәыла аӡбахә шӡырнаго.
Sputnik
"Хра злоу ахҭысқәа": Маланиаԥҳа иржьаз атуристцәа рыдкылара иазкны

"Ҳара иахьазы хәыда-ԥсада иҳадаҳкылаз ԥшь-ҭаацәарак ҳамоуп. Ҳарзыԥшуп даҽа х-ҭаацәарак. Ҳҩызцәа атуризм аҟны аус зуа ари аус иадгылеит, избанзар еилаҳкаауеит уи ӡбашьак аҳамҭар, Аԥсныҟа ҳаԥхьаҟа иаауа рхыԥхьаӡара акыр еиҵахоит. Арҭ ауаа иахьа аус зрыдаҳулои, еиҭарҳәоит ҳаӡбахә, ишымгәыӷӡоз адкылара бзиа шроуз азгәарҭоит. Џьоукы ацәгьара руит,  аха ҳзықәшәаз аус иԥшӡаны алҵшьа ҳхы ақәҳаршәар, ӡыргара бзиахоит", — лҳәеит Маланиаԥҳа.

Аинтернет еимадарала ацәгьоуцәа Урыстәылатәи атуристцәа  ираадырхәон Аԥсныҟа аԥсшьаразы иԥаршеиу ашәҟәқәа. Иахьазы азинхьчаратә усбарҭақәа рахь арзаҳалқәа алазҵаз  рхыԥхьаӡара хышәҩык иреиҵам.