Арадио

Занҭариа ашьа аҭара иазкны: агәыразра ду аарԥшроуп

Аекологиа аинститут алаборант Аслан Занҭариа Sputnik аефир аҟны иҳәеит хәыда-ԥсада ашьа азҭо агәыразра ду шааирԥшо. Адонор Жәларбжьаратәи имш азгәарҭоит рашәара 14 рзы.
Sputnik
Занҭариа: ашьа аҭара –агәыразра ду аарԥшроуп

"Иахьатәи амш даара ихәарҭоу, зазгәаҭара хымԥадатәи ауп. Ашьа аизгара азҵаара аҵакы  дууп. Сара макьаназ ашьа знык ауп иахьасҭахьоу. Ишдыру еиԥш, уи  азҵаара ауаҩы игәабзиара иадҳәалоуп, араҟа аҭахра мацара азхом. Ашьа азҭо Жәларбжьаратәи рымш аҽны исылшо ала слагала ҟасҵар сҭахуп", — иҳәеит Занҭариа.