Раԥхьатәи аиԥылараҿы 5:0 ҳәа Урыстәыла аиааира агеит

Анаҩстәи ахәмарра рашәара 19 рзы акәхоит, Санкт-Петербург ақалақьаҿ Урыстәыла ашьапылампыл азы еизгоу акоманда ацыхәмарраны иҟоуп Египет акоманда.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 15 — Sputnik. Урыстәыла ашьапылампыл азы еизгоу акомандеи Саудтәи Аравиа еизгоу акомандеи реицыхәмарраан, рашәара 14 рзы, 5:0 ҳәа Урыстәыла аиааира агеит. Абри атәы аанацҳауеит Р-Спорт.

Sputnik афан-зона аусура хнартлеит

Москва, астадион "Лужники" аҟны имҩаԥысуаз ахәмарра хыркәшахеит 5:0

Актәи ампыл амба иҭаиршәит Иури Газински 12-тәи аминуҭ азы, аҩбатәи ампыл –Денис Черышев (43-тәи аминуҭ), ахԥатәи – Артиом Дзиуба (71), аԥшьбатәи – Денис Черышев, ахәбатәи – Александр Головин.

Рашәара 19 рзы Санкт-Петербург ақалақьаҿ Урыстәыла ашьапылампыл азы еизгоу акоманда ацыхәмарраны иҟоуп Египет акоманда. Саудтәи Аравиа рашәара 20 рзы Ростов-на-Дону Уругваи акоманда иацыхәмаруеит.