Саудтәи Аравиа ашьапылампыл асыҩцәа ирныӡбоит

Аԥшьашаҽны астадион "Лужники" аҟны имҩаԥысуаз ачемпионат раԥхьатәи ахәмарраҿы Саудтәи Аравиа акоманда иацыхәмаруаз Урыстәыла еизгоу акоманда аиааира агеит 5:0 ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 15 — Sputnik. Аԥшьашаҽны астадион "Лужники" аҟны имҩаԥысуаз ачемпионат раԥхьатәи ахәмарраҿы Саудтәи Аравиа акоманда иацыхәмаруаз Урыстәыла еизгоу акоманда аиааира агеит 5:0 ҳәа.

Раԥхьатәи аиԥылараҿы 5:0 ҳәа Урыстәыла аиааира агеит

Саудтәи Аравиа ашьапылампыл азы Афедерациа Ахада Адель Иззат аҳәамҭа ҟаиҵеит акоманда алахәылацәақәак ҽеила иахьзымыхәмарыз иахырҟьаны лахь рыҭахоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит апортал МАТЧ!

"Ҳара ҳаҵахара акыр ҳгәы ҳнархьит. Ахәмарра алҵшәақәа ирзаамырԥшит иҳамаз аҽазыҟаҵара аҩаӡара. Ахәмарыҩцәақәак лахь рыҭахоит – амбахьчаҩ Абдаллах аль-Маиуф, ажәылаҩ Мохаммад ас-Сахлави, ахьчаҩ Умар Хавсави", – ҳәа Афедерациа Ахада иажәақәа аанагоит аҭыжьымҭа "Аль-Яум ас-Сабиа".

Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат-2018 раԥхьатәи ахәмарраҿы Саудтәи Аравиа акоманда иацыхәмаруаз Урыстәыла еизго акоманда аиааира агеит 5:0 ҳәа. Ампылқәа ҭадыршәит: Александр Головин, Артем Дзиуба, Иури Газински, Денис Чернышиов.

Ахәмарра иахәаԥшуан Урыстәыла Ахада Владимир Путини акралра апринц Муҳаммед бен Сальман Аль Сауди.