АҞӘА, рашәара 18 — Sputnik. Ашәҟәыҩҩы Антуан де Сент- Екзиупири ирҿиамҭа "Апринц хәыҷы" асахьа 240,5 нызқь евро ҳәа ирҭиит Франциа аукцион аҿы. Абри атәы аанацҳаит апортал "360tv".
Аусумҭа акварельтә рҿиамҭоуп, рыцхәны иаҵагылоуп мшаԥымза 1943ш.-лаҵарамза 1944 ш. ҳәа.
Уаанӡа, Антуан де Сент- Екзиупири ирҿиамҭа "Апринц хәыҷы" асахьақәа ҩба рҭихьан ҵыԥх, аукцион Artcurial миллионбжак евро ҳәа.