Пол Маккартни имшираз англиатәи ашьапылампылтә команда аиааира агеит

Англиеи Туниси ршьапылампылтә командақәа реицыхәмарраан, рашәара 18 рзы Англиатәи акоманда аиааира агеит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 19— Sputnik. Британиатәи амузыкант, ливерпультәи ансамбль The Beatles ашьаҭаркыҩцәа ируаӡәку Пол Маккартни Instagram аҿы иҩит даара дшеигәырӷьаз англиатәи акоманда аиааира, уи иара имшираз иҳамҭа дуны ишыҟалаз. Абри атәы аанацҳауеит апортал "360tv".

Аԥснытәи аҵарауаҩ ашьапылампыл аԥҟарақәа реиҭакразы ажәалагала ҟаиҵеит

"Англиа, иҭабуп сымширазтәи аҳамҭаз. Сцәаныррақәа ҳаракӡоуп!" ҳәа иҩуеит амузыкант.

Рашәара 18 рзы Маккартни 72-шықәса ихыҵит.

Урыстәыла имҩаԥысуа Адунеи ачемпионат аҟны Англиеи Туниси ршьапылампылтә командақәа реицыхәмарраан, рашәара 18 рзы Англиатәи акоманда аиааира агеит.