Америка ООН иатәу Ауаҩытәыҩса изинқәа рхеилак иалҵуеит

Америка Аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Маик Помпеои ООН иҟоу Еиду Америкатәи Аштатқәа рыцҳаражәҳәаҩ Никки Хеили ирҳәеит ари аӡбра рыларҳәараны ишыҟоу.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 20 — Sputnik. Америка Аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Маик Помпеои ООН иҟоу Еиду Америкатәи Аштатқәа рыцҳаражәҳәаҩ Никки Хеили ирҳәеит Америка ООН иатәу Ауаҩытәыҩса изинқәа реиҿкаара иалҵуеит ҳәа аӡбра рыларҳәараны ишыҟоу. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Bloomberg адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

ЕАШ, Британиа, Франциа Шьамтәыла аганахь ала арезолиуциа нарышьҭит ООН АХ ахь

Bloomberg ари иџьоушьаша шьаҿоуп ҳәа ахнаҳәааит. Ахеилак изныкымкәа америкатәи ачынуаа акритика азырухьеит. Убас, 2017 шықәса рзы Хеили ааԥхьара ҟалҵахьан иара алахәылацәак алцазароуп ҳәа, Америка Ахада иабжьагаҩ Џьон Болтон 2006 шықәсазы абри аорган аԥҵара даҿагылон.

Ахеилак ааныжьра мзызс иамоуп иара алахәылацәа Америка имҩаԥнаго амиграциатә политика рақәыӡбара, аиҳаракгьы амигрантцәа рҭаацәарақәа реиҟәшара.

Ауаҩы изинқәа рзы Ахеилак жәларбжьаратә зинхьчаратә органуп. Иара аԥҵан 2006 шықәсазы ауаҩы изинқәа рзы Акомиссиа ацынхәрас. Аусура иалахәуп 47 тәыла.