Роналду иҭаиршәхьоу ампылқәа рыла арекорд шьақәиргылеит

Португалиа еизгоу акоманда ажәылаҩбжа Криштиану Роналду адунеи аҟны иналукааша шьапылампыласыҩны дшьоуп.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 21 — Sputnik. Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат аҟны Марокко акоманда ацыхәмарраан иҭаиршәыз ампылқәа рыла европатәи ашьапылампыласыҩцәа рыбжьара арекорд шьақәиргылеит. Абри атәы аанацҳауеит Р-Спорт.

Агәыԥ В иаҵанакыз Португалиеи Мароккои ркомандақәа реицыхәмарра мҩаԥысит москватәи астадион "Лужники" аҿы. Роналду ахәмарра аԥшьбатәи аминуҭ азы амба ампыл ҭаиршәит. Ахәмарра хацыркхеит 1: 0 ҳәа.

Ари ампыл Роналду изы 85-тәихеит. Иара итәыла ахьӡала имҩаԥигахьеит 152 хәмарра. Португалиатәи аспортсмен мпылк ала диеиҳахеит уаанӡатәи арекорд шьақәзыргылахьаз авенгр Ференц Пушкаша. Уи 84 мпыл ҭаиршәхьан.

Иахьатәи аамҭазы Роналду Иран еизгоу акоманда ажәылаҩ Али Даеи заҵәык диҵахоит (109 мпыл 149 хәмарра рҿы).