Америкатәи аштатқәа ркоалициа шьамтәылатәи ақыҭа дырхәашеит

Абомбақәа ркаҳара иахҟьаны шьамтәылатәи ақыҭаҿы аҭынч уааԥсыра рынхарҭақәа еиларбгоуп. Убри аан заҟаҩ ахәра роуз макьаназ ишьақәыргылам.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 22— Sputnik. Америкатәи аштатқәа зхадараҿы иҟоу акоалициа рҳаирпланқәа абомбақәа икарыжьыз иахҟьаны шьамтәылатәи ақыҭа Аш-Шаафа (апровинциа Деир-ез-Зор) аҿы аҭынч уааԥсыра рынхарҭақәа еиларбгоуп. Убри аан иҭахеит ааҩык, заҟаҩ ахәра роуз макьаназ ишьақәыргылам ҳәа аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура САНА адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Иара убасгьы иҟоуп адырраҭарақәа Пальмира инацәхыкны 150 километра рҿы иҟоу апровинциа Холмс аҿы атәыла аиҳабыра рырратә мчрақәа ирылахысын ҳәа.

Убри аан аррамаҵзурауаҩык дҭахеит.

Абомбақәа ркажьра иалагеит шьамтәылаа Аль-Хальбаҟа зхы рханы ицоз америкатәи амашьынақәа хԥа ианыриехс ашьҭахь.