Аԥгаԥсатә еилахәыра иалнакааит еиҳа ишәарҭоу атәылақәа

Британиатәи аԥгаԥсатә еилахәыра Endsleigh Insurance Service иҭҵааны ишьақәнаргылеит аԥгаԥсатә ҭагылазаашьақәа еиҳа аҭыԥ ахьрымоу атәылақәа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 22 — Sputnik. Атуристцәа рзы зегь раасҭа ишәарҭоу тәыланы иалкаауп Таиланд, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аилахәыра адыррақәа рыла 2017 шықәса рзы аԥгаԥсатә ҭагылазаашьақәа 23% абри атәылаҿ ауп иахьыҟалаз.

Аҩбатәии ахԥатәии аҭыԥқәа ааныркылеит Чили ЕАШ (США). Урҭ рыҩбагьы 15-15% рыҵаркит. Испаниа, Германиа, Непал, Перу — 8-8 процентов.

Асиаҿ арҭ ирышьҭанеиит Франциа. Уаҟа аԥгаԥсаҟаҵаҩ иахь анеира 7 процентк артәеит.

Багамтәи адгьылбжьахақәеи Бразилиеи 4-4 процент дыртәеит.

71% ԥгаԥсатә ныхра аҳәаанырцә амедицинатә цхыраара иагеит.

11% атуристцәа аԥгаԥсатә еилахәырақәа рахь идҵаалеит ацәыӡқәа инарыдҳәаланы, 4 процентк – астамоталогиатә цхырааразы, 2 процентк –ианаамҭаз иахьзымԥрыз азы.