Египет ахәмарра аӡбара иашам ҳәа иақәыӡбоит

Аҩаша, Санкт-Петербург имҩаԥысит Египети Урыстәылеи ршьапылампылтә командақәа реицыхәмарра. Аицыхәмарра хыркәшахеит Урыстәыла аиааирала 3:1 ҳәа. Абри ашьҭахь Египеттәи акоманда плеи-офф ахь анеира азин амхын.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 22 — Sputnik. Египеттәи ашьапылампылтә ассоциациа ашшыԥхьыӡ нанашьҭит ашьапылампыл азы Жәларбжьаратәи афедерациахь (ФИФА), ахәмарраан аӡбара иашаны имҩаԥгамызт ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит Р-Спорт аҭыжьымҭа FilGoal адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Ассоциациа анапхгаҩы Хани Абу Реда ишиҳәо ала аӡбаратә бригада иумбарц злымшо агхақәа ҟарҵон.

Аҩаша, Санкт-Петербург имҩаԥысит Египети Урыстәылеи ршьапылампылтә командақәа реицыхәмарра. Аицыхәмарра хыркәшахеит Урыстәыла аиааирала 3:1 ҳәа.

Египттәи акоманда азыҟаҵаҩ хада Ектор Купери азыҟаҵаратә штаби Египеттәи ашьапылампылтә ассоциациа ԥхьатәара ирышьҭит.

Ахәмарра ашьҭахь Египеттәи акоманда плеи-офф ахь анеира азин амхын.