Саудтәи Аравиа шьамтәылаа ахаџьра инарышьҭуам

Саудтәи Аравиа ԥсылман ҳәынҭқарра-цыԥхьаӡа ахаџь аамҭазы иԥшьоу аҭыԥқәа ирҭаарц руааԥсыра ирҿырԥшны аҭыԥқәа рзоунажьуеит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 22— Sputnik. Саудтәи Аравиа быжьшықәса ирықәуп Меккаҟа ахаџь амҩаԥгаразы шьамтәылаа рынашьҭра мап ацәнакуеижьҭеи. Ер-Риад иқәнаргыло адҵақәа зынагӡара алымшо роуп ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит аԥшьаша, Шьамтәылатәи аминистрра ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Саудтәи Аравиа быжьшықәса ирықәуп Меккаҟа ахаџь амҩаԥгаразы шьамтәылаа рынашьҭра мап ацәнакуеижьҭеи. Ер-Риад иқәнаргыло адҵақәа зынагӡара алымшо роуп", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Иара убри аамҭазы агәыларатә Ливан аҟны атуристтә маҵзурақәа иҟоу аҭагылазаашьа рхы иархәаны авизақәа рыҭара апроцесс еиҳа-еиҳа идыруадаҩуеит афинанстә феида аиуразы.