Ҭырқәтәыла Ахада Реџьеп Таип Ердоган алхрақәа рҟны бжьеиҳала аиааира игеит

Амҽыша, рашәара 24 рзы Ҭырқәтәыла имҩаԥысит заанаҵтәи алхрақәа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 25 — Sputnik. Ҭырқәтәыла Иреиҳаӡоу алхратә хеилак аиҳабы Сади Гиувен аҳәамҭа ҟаиҵеит иахьазтәи Ҭырқәтәыла Ахада Реџьеп Таип Ердоган алхрақәа рҟны бжьеиҳала аиааира игеит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Апарламент ахь анеиразы жәа-процентктәи аԥынгыла иахысит аиашареи аҿиареи Рпартиа, амилаҭтә ҵысра Апартиа, Жәлар-республикатә партиа, Апартиа бзиа, ажәларқәа рдемократиа Апартиа.

Алхрақәа аҵыхәтәантәи реихшьаалақәа рылаҳәахоит жәамш рышьҭахь.