Аҳәаанырцәтәи аҟазауаа урыстәылатәи атәылауаҩра ырмарианы ироурц адҵа ҟаҵоуп

Ауснагӡатә ҿҳәараны иамоуп — ԥхынҷкәын 20 2018 шықәса.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 26— Sputnik. Урыстәыла Ахада Владимир Путин адҵа ҟаиҵеит зԥышәа ҳараку аҳәаанырцәтәи аҟазауаа урыстәылатәи атәылауаҩра ырмарианы ироурц. Ауснагӡатә ҿҳәараны иамоуп — ԥхынҷкәын 20 2018 шықәса. Абри азы аҭакԥхықәра рыдуп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аџьа аминистрра, Аҵара аминистрра, Аекономикатә ҿиара аминистрра рхадацәа. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

"Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аџьа аминистрра, Аҵара аминистрра, Аекономикатә ҿиара аминистрра, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟарҵароуп ажәадгалақәа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра ырмарианы ироурц урытәылатәи аекономиказы хра зманы иҟоу аҳәаанырцәтәи аҟазауаа", — ҳәа аҳәоит анапынҵаҿы.

Анапынҵа анагӡара ҿҳәараны иамоуп — 2018 шықәса, ԥхынҷкәын 20.