Иԥсҭазаара далҵит апоет Андреи Дементьев

Андреи Дементьев — ХХ ашәышықәса аҩбатәи азыбжаз еиҳа инарылукаашаз асовет поет, шәкыла атекстқәа дравторын, арадиои ателехәаԥшреи рҿы дымҩаԥгаҩын.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 26— Sputnik. Андреи Дементьев — ХХ ашәышықәса аҩбатәи азыбжаз еиҳа инарылукаашаз асовет поет, иԥсҭазаара далҵит 90-шықәса дшырҭагылаз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Иԥсҭазаара далҵит Андреи Дементьев. Иара даара иҭахын 90-шықәса ихыҵра азгәаҭара. Рашәара 3 рзы афестивале "Красная площадь" далахәын, иажәеинраалақәа дрыԥхьон. Аԥсҭазаара абзиабара ицәымӡыцкәа иман", — ҳәа еиҭалҳәоит апоет иԥшәмаԥҳәыс Анна Пугач.

Лара иазгәалҭеит апоет ишиҭахыз Тверь ма Москва анышә дамадазарц.

Андреи Дементьев — ХХ ашәышықәса аҩбатәи азыбжаз еиҳа инарылукаашаз асовет поет, шәкыла атекстқәа дравторын, арадиои ателехәаԥшреи рҿы дымҩаԥгаҩын, Урыстәыла асахьаҭыхратә академиа далахәылан, СССР Аҳәынҭқарратә премиа далауреатын (1985 год). 1972–1993 шықәсқәа рзы аус иуан ажурнал "Юность" аҟны. Урҭ рҟынтәи 12 шықәса редактор хадас дыҟан.