Facebook аинвесторцәа Цукерберг иусушьа ргәаԥхом

Амассатә-информациатә хархәагақәа излаарыцҳауа ала, Facebook аинвесторцәа Цукерберг иусушьа ргәаԥхом.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 27 — Sputnik. Facebook аинвесторцәа, акциақәа знапаҿы изку, ирыгәҭакуп Facebook ашьаҭаркҩы Марк Цукерберг апроект ахантәаҩыс дахьыҟоу имаҵура аҟынтә ихы дақәиҭыртәырц. Дара иргәаԥхом иара инапхагараҭашьа ҳәа рыҩуеит BusinessInsider аҟны.

Аинвесторцәа аилахәыраҿ иҟоу апроблемақәа адырҳәалоит Facebook анапхгара аҭашьа. Дара ргәаанагарала, апроблемақәа рыӡбра аӡәгьы дашьҭам. Уи азы аӡәгьы аҭакԥхықәрагьы идым избанзар иахьатәи аамҭазы аилахәыра акорпоративтә еилазаара анагӡаратә директор иаҳасаб алеи анапхгара ахантәаҩы иаҳасаб алеи аӡәгьы дызиламкьысуа аҭагылазаашьа иҭоуп.