Марадона игәы рахәымхәеит ҳәа иҟаҵаз ажәабжьқәа аԥхьирҟәҟәааит

Амассатә-информациатә хархәагақәа рдыррақәа рыла, Аргентинеи Нигериеи рыхәмарра ашьҭахь Марадона ахәышәтәырҭа дҭашәеит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 27— Sputnik. Амассатә-информациатә хархәагақәа рдыррақәа рыла, Аргентинеи Нигериеи рыхәмарра ашьҭахь Марадона ахәышәтәырҭа дҭашәеит. 1986 шықәсазтәи ашьапылампыл азы адунеи ачемпион Диего Марадона урҭ адыррақәа аԥхьирҟәҟәааит.

Аԥснытәи аҵарауаҩ ашьапылампыл аԥҟарақәа реиҭакразы ажәалагала ҟаиҵеит

Убри аԥхьа Санкт-Петербург ақалақь аҿы Аргентина- Нигериа рыхәмарра 2:1 ҳәа ихыркәшахеит. Актәи ампыл амба иҭаиршәит Лионель Месси (14-тәи аминуҭ), уи ишьҭахь – Маркос Рохо (87-тәи аминуҭ). Нигериаа рҿы иҽаликааит Виктор Мозес (51-тәи аминуҭ).

Instagram аҿы ашьапылампыласыҩ ду Марадона х-бызшәак рыла иҩит игәабзиара кьыс шамам.

"Ахәмарра амҩаԥысраан сыхәдаџьал сыхьит. Аҳақьым аҩныҟа сцарц сабжьигеит", — ҳәа иҩит иара.

Аргентинаа афинал 1/8 ахәҭаҿы афранцызцәа ирыцыхәмаруеит.

Ахәмарра мҩаԥысуеит рашәара 30 рзы Казань.