"Грэмми" аноминантцәа рхыԥхьаӡара еиҳахоит

Акатегориа хадақәа рҿы хәҩык алахәылацәа ракәымкәа ааҩык алахәылацәа ҟалоит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 28 — Sputnik. Амузыкатә ԥхьахә "Грэмми" аҳәамҭа ҟанаҵеит акатегориа хадақәа рҟны аноминантцәа рхыԥхьаӡара шеиҳатәхо ала. Абри атәы аанацҳауеит ателеканал "Культура".

Убас ала акатегориа хадақәа рҿы хәҩык алахәылацәа ракәымкәа ааҩык алахәылацәа ҟалоит. Аҿыцрақәа рылагалахоит акатегориақәа: "Запись года", "Песня года", "Альбом года", "Лучший новый исполнитель".

Аҟазара амилаҭтә академиа апрезидент Нил Портноу ишазгәеиҭаз ала, уи иарҭбаауеит категориак аҩныҵҟа аиԥшымзаара, еиҳа ахақәиҭрақәа шьақәнаргылоит, аиааира зго иалхрагьы мариахоит.

Иара убасгьы иазгәаҭоуп амузыкатә ԥхьахә егьырҭ акатегориақәа 80 ԥсахрада инхоит ҳәа. Урҭ рҿы уаанӡеиԥш хәҩык-хәҩык аноминантцәа аанхоит.