Агазеҭ Capital Gazette аредакциаҿы ахысрақәа аҭыԥ рыман

Ақалақь Мерелинд аҟны иҭыҵуа агазеҭ Capital Gazette аредакциаҿы ахысрақәа аҭыԥ рыман. Аполициаа усзуҩцәа ахысра зуз ихаҭара шьақәдыргылахьеит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 29 — Sputnik. Аԥшьаша, ақалақь Мерелинд аҟны иҭыҵуа агазеҭ Capital Gazette аредакциаҿы ахысрақәа аҭыԥ рыман. Абри аан иҭахеит хәҩык ауааԥсыра, хҩык ахәрақәа роуит. Аполициа аусзуҩцәа ахысра зуз ихаҭара шьақәдыргылахьеит, иара даанкылоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Иаанкылоу Джеррод Уоррен Рамос ихьӡуп, иара 2012 шықәса рзы агазеҭ дазашшхьан.

Capital Gazette ишаанацҳауа ала Рамос иӡбахә агазеҭ аҿы икьыԥхьын 2011 шықәса рзы, иара класск аҿы ицтәаз иҩыза ӡӷаб илхырҟьаны аӡбарҭаҿ аус дарҭахьан ҳәа. Иара Facebook ала асалам шәҟәқәа лзынаишьҭуан, нас длықәмақаруа, лцәа ԥызҽуа ажәақәа иҳәо далагеит. Аԥҳәыс аполициа рахь дашшит. Иара аамҭақәак иҽырҭынчны дыҟан, аха нас еиҭах дызҿыз хациркит. Иус аӡбарҭахь инарышьҭит. Иара иҿы иқәшаҳаҭхеит, хымызгьы иқәырҵеит.

Twitter аҿы Рамос аҭыжьымҭа Capital Gazette аганахь ала иибалак иҩуан. Том Маркуардт, 2012 шықәса рҟынӡа агазеҭ ҭзыжьуаз, Los Angeles Times иазеиҭеиҳәеит Рамос агазеҭ аусзуҩцәа дышрышьҭашәарыцоз.

Аполициа рҿы ишырҳәаз ала иара ихықәкыз ажурналистцәа ракәын.