Евроеидгыла Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа ирыцнаҵеит

Бриуссель рашәара 28-29 рзы имҩаԥысуеит Евроеидгыла аҳәынҭқаррақәа рсаммит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 29— Sputnik. Бриуссель рашәара 28-29 рзы имҩаԥысуеит Евроеидгыла аҳәынҭқаррақәа рсаммит. Асаммит аҿы ирыдкылан аӡбра Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа рыҿҳәара иацҵазарц аҽа фымз. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Иазгәаҭоуп, асеиԥш аӡбра рыдыркылеит Урыстәыла, Украина, Минсктәи аиқәышаҳаҭрақәа ианрылацәажәа ашьҭахь ҳәа.

Урыстәылатәи асенатор Константин Косачев, асанкциақәа рыҿҳәара ацҵара ахҳәаа аҭо иазгәеиҭеит Евроеидгыла аҳәынҭқаррақәа абри азҵаара аганахь ала иаку гәаанагарак шрымам.

Урыстәылеи Мраҭашәаратәи атәылақәеи реизыҟазаашьа ԥхасҭахеит Украинеи Ҟрыми рҟны аҭагылазаашьақәа инарыдҳәаланы.