Алада-африкатәи ареспублика аморгқәа руак аҟны ишьҭаз аԥҳәыс лыԥсы ҭан

Алада-африкатәи Ареспублика аморгқәа руак аҟны аусзуҩцәа игәарҭеит амҩатә машәыр ашьҭахь уахь инагаз аԥҳәыс лыԥсыԥ шылалга-ҩалгоз.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 4 — Sputnik. Аладатәи Африкатәи Ареспублика аморгқәа руак аҟны аусзуҩцәа игәарҭеит амҩатә машәыр ашьҭахь уахь инагаз аԥҳәыс лыԥсыԥ шылалга-ҩалгоз. Лара уаанӡа ԥшьба-хәба сааҭ архьшәашәагатә камера дҭан. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аҭыжьымҭа Daily Mirror адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Иоханнесбург иҟалаз амҩатә машәыр иалахәыз аԥҳәыс лхы ааха ӷәӷәақәа ахьамаз инамаданы ацхыраара лас аусзуҩцәа дыԥсуп ҳәа дыршьеит.

Аморг аусзуҩцәа адокументқәа анхадырҭәаауаз архьшәашәага данҭырга ирбеит лыԥсыԥ шылалга-ҩалгоз.

Амедикцәа ргәаанагарала аԥҳәыс анцәа длыман. Лыԥсы ҭаны дахьаанхаз џьашьахәуп рҳәоит дара.

Уажәы лара ахәышәтәырҭаҿ дышьҭоуп. Ахәышәтәырҭа анапхгара аусҭҵаара мҩаԥыргоит.