"Шәача-парк" аҟны асовариум аадыртуеит

Орнитологцәа рхылаԥшрала апарк аҿы уажәшьҭарнахыс иалшоит еиуеиԥшым аԥсаатәқәа акрырҿаҵара, урҭ афотосахьа рыцҭыхра. Асовариум аҟазауаа апарк аҭааҩцәа ирзеиҭарҳәоит аԥсаатәқәа рхымҩаԥгашьа, урҭ ииашаны рныҟәгашьа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 4— Sputnik. Орнитологцәа рхылаԥшрала апарк аҿы уажәшьҭарнахыс иалшоит 20 инарзынаԥшуа еиуеиԥшым аԥсаатәқәа акрырҿаҵара, урҭ афотосахьа рыцҭыхра.

Асовариум (атыҭра) аҟазауаа апарк аҭааҩцәа ирзеиҭарҳәоит аԥсаатәқәа рхымҩаԥгашьа, урҭ ииашаны рныҟәгашьа ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә акурортқәеи, атуризми, аолимпиатә ҭынхеи рминистрра апресс-маҵзура.

Асасцәа ара ирбар рылшоит еиуеиԥшым атыжәлақәа. Аԥсаатәқәа рзы хазы еиҿыркаауеит дара рзы ҷыдала еиҿкаау аҭрақәа.