Солсбери ахәышәтәырҭахь инагоуп ишҳамырку ҩыџьа ауааԥсыра

Асабша ахәылбыҽха аполициа адырра роуит аҩнқәа руак аҟны зыхдырра ыҟам ахаҵеи аԥҳәыси шырбаз азы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 4— Spuntik. Англиатәи аграфра Уилтшир аполициа Солсбери ақалақь ааигәара иҟоу Еимсбери аҟны ахәышәтәырҭахь ишнагоу "ишьақәыргылам амаҭәашьар зныруа" ҩыџьа ауааԥсыра.

РИА Новости адыррақәа рыла, асабша ахәылбыҽха аполициа адырра роуит аҩнқәа руак аҟны зыхдырра ыҟам ахаҵеи аԥҳәыси шырбаз азы.

"Аԥхьатәи агәаанагарала ахаҵеи аԥҳәыси ирныруаз агероин ма акокаин роуп ҳәа ишьан. Аха иҟаҵаз анализқәа рышьҭахь иахәаҭны иԥхьаӡоуп ашҳам ашьақәырӷәӷәара шаҭаху" ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Уажәы ахаҵеи аԥҳәыси Солсбери ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп. Рҭагылазаашьа акыр иуадаҩны иԥхьаӡоуп.