Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа ифильм Карловы Вары акинофестиваль иалахәхоит

53-тәи Жәларбжьаратәи акинофестиваль мҩаԥгахоит Карловы Вары ақалақь аҿы, рашәара 29 инаркны ԥхынгәы 7 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Милаҭла иаԥсыуоу Ҭырқәтәыла атәылауаҩ Атеи-иԥа Омиур Маршьан ифильм "Аишьцәа" ддырбараны иҟоуп 53-тәи Жәларбжьаратәи акинофестиваль аҟны. Уи акинофестиваль мҩаԥгахоит Карловы Вары, рашәара 29 инаркны ԥхынгәы 7 рҟынӡа.

Акинофильм "Аишьцәа" иахьатәи Ҭырқәтәылаҿы аҭаацәаратә қьабзқәа, аморалтә хымҩаԥгашьақәа, аԥҳәыс лроль ирылацәажәоит. Афильм асиужет ала 17-шықәса зхыҵуа Иусуф абахҭа дҭыҵны иҩныҟа дхынҳәуеит. Уа дыҟоуп иашьеиҳаб, аԥсылман қьабзқәа ирықәныҟәо.

Енгин Ҭаскуач-иԥеи Муҳамед Иашбеи Ҭырқәтәыла Апарламент иадепутатцәахеит

Афильм афырхаҵа иаликаар акәхоит иморалтә гәрагара ма адунеи иақәлоу ақьабзқәа.

Арежиссиор иажәақәа рыла, афильм иаҵанакуеит Ҭырқәтәылеиԥш Мрагылара Ааигәа зегьы аҟны иҟоу апроблемақәа.

"Ҭырқәтәыла макьанагьы арҭ апроблемақәа рҭыԥ иқәҵам. Аԥҳәыс лроль апроблема адунеи зегьы аҿгьы актуалра амоуп" — иҳәоит иара.

Омиур Маршьан шьҭрала д-Аԥснытәиуп. Есышықәса даҭаауеит.

Милаҭла иаԥсыуоу Ҭырқәтәыла атәылауаҩ Атеи-иԥа Омиур Маршьан ифильм "Аишьцәа" ддырбараны иҟоуп 53-тәи Жәларбжьаратәи акинофестиваль аҟны. Авторцәа ирыгәҭакуп афильм Аԥсынгьы дырбара.

Карловы Вары имҩаԥырго Жәларбжьаратәи акинофестиваль Европа иналукааша акакәны иԥхьаӡоуп акиноиндустриа аганахь ала. Есышықәса уаҟа 200 рҟынӡа фильм ӡырыргоит.

Премьера фильма "Братья" на международном кинофестивале в Карловых Варах