Урыстәыла иазырхаз асанкциақәа Евроеидгыла иаԥырхагахеит

ООН ажәахәҟаҵаҩ ҷыда излаиԥхьаӡо ала, Урыстәыла асанкциақәа ирышьцылеит, иара убри аамҭазы ацәыӡқәа зауз европатәи аџьармыкьақәа роуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 4 — Sputnik. Урыстәыла иазырхаз асанкциақәа Евроеидгыла иаԥырхагахеит иҳәеит РИА Новости аинтервиу азҭаз ООН ажәахәҟаҵаҩ ҷыда Идрисс Джазаири.

ООН ажәахәҟаҵаҩ ҷыда иазиԥхьаӡоит Урыстәыла асанкциақәа ирышьцылеит иара убри аамҭазы ацәыӡқәа зауз европатәи аџьармыкьақәа роуп ҳәа. Иара иажәақәа рыла Урыстәыла уаанӡа Европа иаархәоз атауарқәа, аиҳарак ақыҭанхамҩатә тауарқәа, уажәы дара рҿы аҭыжьра уажәы Европа аҩбатәи асанкциақәа ахаԥеит, европатәи аилахәырақәа ракәзар ЕАШ азакәанԥҵара инақәыршәаны абизнес мҩаԥыргалар акәхеит ҳәа азиԥхьаӡоит иара.

Евроеидгыла Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа ирыцнаҵеит

"Асанкциақәа зыдеиҟаҵало атәылақәа ирыпроблемахеит аглобализациа иаҵанакхьоу аалыҵ иахәҭакны рыҟазаара", — иҳәеит иара, иагьациҵеит Москва иаҿагыло асанкциақәа америкатәи аалыхҩгьы ишивымсуа.

"Асеиԥш азнеишьа ажәхьеит. Ҳара Москва аԥырхага ҳзаҭом, ҳхаҭақәа ҳхы аԥырхага аҳамҭакәа", ҳәа азгәеиҭеит Джазаири.

Иара игәаанагарала, асанкциақәа зыдҟаҵало атәыла аԥырхагақәа рыҭҵаареиԥш ихымԥадатәизароуп асанкциақәа мҩаԥызго атәылақәа ироуа аԥырхагақәагьы. Ахаҭарнак иажәақәа рыла, аполитикатә ҟазшьа змаз асанкциақәа ралагалараан ари азҵаара ҭҵаамызт.

Урыстәылеи Мраҭашәаратәи атәылақәеи реизыҟазаашьақәа ԥхасҭахеит Украинеи Ҟрыми рҟны аҭыԥ змаз ахҭысқәа рышьҭахь.