Еимсберии Солсберии рыхҭысқәа иаку ашьаҭа рымам

Асабша ахәылбыҽха аполициа адырра роуит Еимсбери аҩнқәа руак аҟны 44-45 шықәса зхыҵуаз, зыхдырра ыҟам ахаҵеи аԥҳәыси шырбаз азы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 5— Spuntik. Англиатәи аграфра Уилтшир аполициа Солсбери ақалақь ааигәара иҟоу Еимсбери аҟны ахәышәтәырҭахь инаган "ишьақәыргылам амаҭәашьар зныруа" ҩыџьа ауааԥсыра. РИА Новости адыррақәа рыла, асабша ахәылбыҽха аполициа адырра роуит аҩнқәа руак аҟны зыхдырра ыҟам ахаҵеи аԥҳәыси шырбаз азы.

Скотланд-Иард адыррақәа рыла "Новичок" еиҭах аҽцәырнагеит

"Аԥхьатәи агәаанагарала ахаҵеи аԥҳәыси ирныруаз агероин ма акокаин роуп ҳәа ишьан. Аха иҟаҵаз анализқәа рышьҭахь иахәаҭны иԥхьаӡан ашҳам ашьақәырӷәӷәара шаҭаху. Имҩаԥгаз аусурақәа рышьҭахь ишьақәҳаргылеит ахаҵеи аԥҳәыси уаанӡа Солсбери ақалақь аҿы ГРУ уаанӡатәи аполковник Сергеи Скрипали иԥҳа Иулиеи ирыҭаз ашҳам "Новичок" рцәа ишалоу", — ҳәа иҳәоит Скотланд-Иарда ахада Нил Басу.

Басу иажәақәа рыла ашьақәыргылара аҭахны иҟоуп Солсберии Еимсберии рыхҭысқәа аимадара рымоуи ирымами. Имҩаԥгаз аусҭҵаара ашьҭахь Британиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Бен Уоллес иазгәеиҭеит ахҭыс "Урыстәылатәи ажәылара" шакәым. Еимсберии Солсберии рыхҭысқәа иаку ашьаҭа шрымам.

"Арҭ ауаа Скрипальраа акала ирыдҳәалам", — иҳәеит иара.

Аусҭҵаара напалакуп. Иара иадыԥхьалоуп 12 ҟәша ҷыда. Уажәы ахаҵеи аԥҳәыси Солсбери ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп. Рҭагылазаашьа акыр иуадаҩны иԥхьаӡоуп.